Арадио

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Хонӡиа Ҟәланырхәатәи археологиатә ԥшаахқәа ирызкны

Археолог, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Зураб Хонӡиа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Ҟәланырхәа ажрақәа раан иԥыхьашәаз амаҭәарқәа.
Sputnik
Археолог еиҭеиҳәеит 2003 шықәсазы иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа Ҭраԥшьаа рнышәынҭраҟны ишаарԥшыз ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа аабатәи ашәышықәса иаҵанакуа азҿлымҳара зуҭаша амаҭәарқәа.
Шәазыӡырҩы аудио.