Аԥсны

Гагра амилициаа ианрықәлаз ахҭыс шыҟалаз атәы ркьыԥхьит

Аҩаша абҵара 16 рзы Гагра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи Бзыԥҭа аҳабла иатәу ҩыџьа арԥарцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит. Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, урҭ арԥарцәа гагратәи амилициа аусзуҩ иқәларц ргәы иҭан. Ахҭыс аан ақәылара ҟазҵоз руаӡәк дҭахеит, егьи дырхәит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Гагра араион апрокуратура ашьаусԥшааратә гәаҭарақәа ирылагеит Гагра амилициа аусзуҩцәа рықәлара ахҭыс инамаданы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.
Адырраҭара излаҳәо ала, атәылауаа Кьетиеи Хагәышьи аҿагылара аадырԥшит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә усзуҩцәа ианааныркылоз. Урҭ раанкылара мҩаԥыргон ацәгьоуцәа абҵара 16 2021 шықәса ашьыжь асааҭ 7:30 рзы Гагра амҩақәа Демерџьиԥеи Аҟабардақәеи реихысырҭаҿы Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә усзуҩ иахьиқәлаз азы.
Иазгәаҭоуп, ацәгьоуцәа раанкыларазы аоперациа аан дара бналарц алшара шрыҭаз, ахҟьаԥҟьа бааԥсқәа ҟамларц азы.
Анаҩс апрокуратура ари ахҭыс шыҟалаҵәҟьаз ҳәа адыррақәа аанагоит.
"Хагәышь О.Р., иашьҭахьҟа днаскьаны, амилициа аусзуҩцәа ирықәкны дхысит, Кьетиа А.Ф., артҟәацга ԥижәоит ҳәа амилициаа иршәоит ҳәа хыхьтәи имаҭәа аџьыбаҟынтәи иҭиго далагеит, уи илдмыршарц азы амилициаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагылаз иахҟьаны аҭакс ацәгьоуцәа иреихсит, Кьетиа А.Ф. изихымгоз ахәрақәа иоуит, Хагәышь О.Р. иарӷьа жәҩахыр иақәшәеит".
Хагәышь ахәра иманы ахәшәтәырҭахь днаргеит, ахьчаҩцәа иддыргылеит.
Аԥсны
Гагра амилициауаа рышьра зҽазызшәоз цәгьоуҩык дҭахеит
Имҩаԥгаз ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәеи афакттә шьақәырӷәӷәагақәеи анҭнаҵаалак, Гагра араион апрокуратура ашьаусԥшааратә закәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо ашьаусԥшааратә ӡбамҭа аднакылоит.