Аԥсны

Ԥсҳәы ақыҭауаа имазеиу урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рырҭеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ԥсҳәы ақыҭауаа ирзыршеит имазеиу урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа, абри атәы адипмиссиа иаанацҳауеит Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.
Уаанӡа Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵахьан имазеиу аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара ишалаго абҵара 17 инаркны асааҭ 9:00 - 16:30 рзы аусурамшқәа раан.
Зтәылауашәҟәқәа мазеиу ауаа шаҟа заа ирго аҟара ирзеиӷьуп, избанзар ԥхынҷкәынмзазы аконсултә пункт ҩаԥхьа иадыркыр рылшоит атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны.
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәымԥҳа Ԥсҳәы анхацәа рыԥсҭазаашьа иазкны
Ԥсҳәы - Аԥсны реиҳа анеира ахьыуадаҩу 760 метра ашьха ҳаракыраҿы иҟоу қыҭоуп. Уахь унеир улшоит Ауадҳараҟа узлацо амҩала аԥхынтәи аамҭазы. Егьыраан - ҳаирпланла мацара.
2020 шықәса аԥхынразы аусура иалагеит автобустә реис Аҟәа-Ԥсҳәы, аха уи мызқәак роуп аус анау.