Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Путини Баидени реиԥылара рҽазыҟарҵоит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рхадацәа Владимир Путини Џьо Баидени реиԥылара лымкаала рҽазыҟарҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аканал "Россия 1" аефир аҿы адырраҭара "Москва. Кремль. Путин" аҿы.
"Урҭ еиԥыларазы шьаҭанкыла аҽазыҟаҵара аҭахуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, "амш аусхәаԥштә акыр иҭбаауп".
Иацы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова адырра ҟалҵахьан Урыстәылеи ЕАА рыбжьара иҵоуроу аизыҟазаашьақәагьы шыҟоу, ҷыдала иазгәалҭеит ацәгьоуратә хықәкқәа рзы аинформациа-коммуникациатә технологиақәа рхархәара алмыршаразы аусуреи астратегиатә ҭышәынтәаларазы аусеицуреи шрыбжьоу.