Аԥсны

Аслан Бжьаниа Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Никарагуа аартразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абир атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инамаданы Ареспублика Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа иаартызааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа", - ҳәа аҳәоит аусԥҟаҿы.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3, 2008 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Аԥсны
Иааиуа ашықәс азы Никарагуа иаартхоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа