Аԥсны

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа раԥхьаӡа акәны ҭырқәтәылатәи рколлегацәа ирԥылеит

Аԥсны Жәлар реизара аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаан иҟан абҵара 14-19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22– Sputnik. Аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Аԥсны Жәлар реизара аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан ҭырқәтәылатәи рколлегацәа ирԥылеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Асҭамыр Логәуа.
Иара ари ахҭыс аҭоурых ҵакы амоуп ҳәа иҳәеит.
"Аԥсуа хылҵшьҭра иатәу адепутатцәа рымацара ракәым ҳазԥылаз. Ҳколлегацәеи ҳареи ҳалацәажәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа. Анцәа иҳәар иааиуа ашықәс азы Ҭырқәтәыла Апарламент адепутатцәа рделегациа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп", - иҳәеит иара.
Адепутат иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны адунеи ардырра иаԥырхагоу шыҟоугьы уи лшара аиуӡом ҳәа.
"Шықәсык, ҩышықәса, хышықәса уҳәа иалымшаргьы, зегь дара роуп Аԥсны жәларбжьаратә еилазаара иазхарҵашт", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Логәуа игәаанагарала 2022 шықәса абри аганахь ала алҵшәақәа ҟанаҵароуп.
"Ҭырқәтәылатәи адепутатцәеи ҳареи Аԥсны аҵакыреиԥш Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысыр зылшо культуратә уснагӡатәқәа ҳрылацәажәеит. Сара сгәаанагарала ари аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьаҭа аркроуп иаанаго" ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа раԥхьаӡа акәны ҭырқәтәылатәи рколлегацәа ирԥылеит
Асҭамур Логәуа иара убасгьы иҳәеит аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи дареи шеиԥылаз, ишалацәажәаз астол гьыжьқәа рымҩаԥгара азҵаара.
"Иахьа актуалра аманы иҟоуп аформат "3+3" (Ермантәыла, Азербаиџьан, Қырҭтәыла, Иран, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла). Аха ара Аԥсны аӡбахә ҳәам. Ус шакәугьы сгәы иаанагоит аус адулара аҭахуп ҳәа ари аус. Адәныҟатәи аусқәа рминистр иоума адепутатцәа роума иалахәхалакгьы аформат "3+4" аус аур ҟалоит" ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
Адепутат Логәуа Аԥсни Ҭырқәтәылеи рымшынтә еимадара алшарақәа дрылацәажәеит