АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Афганисҭан амчра знапахьы иаазгаз аиҿкаара "Талибан"* аҳәса злахәыз теледырраҭарақәак ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аԥсылмантә хырхарҭа аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Аминистрра аҳәамҭа инақәыршәаны ателехәаԥшратә АИХқәа хылаԥшра рыҭалатәуп ашариат ҳәаақәа ирхымсларц, ауааԥсыра рдинтә цәаныррақәа ирызхәыцларц, аҳәса-ажурналистцәа акасы рықәыршәызарц.
"Аҳәса злахәу ателесериалқәа дырбара аанкылоуп. Зцәа хту ахацәеи аҳәсеи злахәу акиносахьақәа, аклипқәа дырбара ҟалом", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Уи адагьы аминистрра азин ҟанаҵом аҳәаанырцәтәи акультура ӡырызго акиносахьақәа дырбара.
Уаанӡа Афганисҭан амчрақәа ателехәаԥшра аусура аиҭакрақәа аланагалахьан. РИА Новости адыррала, ателеканал Al-Hijra ахьыӡҵаны аԥсылман темала ателедырраҭарақәа рышьҭуан.
Аталибцәа Афганисҭан амчра рнапахьы иааргеит 2021 шықәса, нанҳәамзазы.