Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: аиҳәшьцәа Жьиаа ақыҭаҿы анаплакқәа раартразы иҟоу алшарақәа ирызкны

Аиҳәшьцәа Жьиаа Миланеи Марианнеи арадио Sputnik аефир аҿы ирҳәеит иахьатәи аамҭазы ақыҭаҿы анаплак маҷқәа раатразы алшара шыҟоу, анхаҩы иаалыҵ аарахразы азнеишьақәа шыԥсахтәу, насгьы ақыҭаҿы ауаҩы иԥсҭазаашьа арманшәларазы ииҭаху.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.