Урыстәылатәи аруаа ахьчара иалагеит ЕАА Шьамтәыла хылаԥшра зырҭо аҳәаа ҵакыра

ЕАА аруаа закәаншьаҭада Шьамтәыла аҩада-мрагыларатәи ахәҭа, апровинциақәа Деир-ез-Зор, Ель-Хасаке, Ракка рхылаԥшра мҩаԥыргоит. Ароуп анефҭи агази ахьыҵырхуа аҭыԥ хадақәа ахьыҟоу.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Шьамтәыла ахьчара иалагеит ЕАА зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи аидгылеи Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи рыбжьара иҟоу аҳәаа ҵакыра, ҳәа аҩуеит РИА Новости Еиҿагылоу аганқәа реиныршәара Ацентр ахаҭарнак Виктор Кудинов иажәақәа шьаҭас иааганы.
Иара иҳәеит, уажәраанӡа арҭ аҭыԥқәа рҿы урыстәылатәи аруаа ахьчара шымҩаԥырымгоз. Уи адагьы Кудинов иажәақәа рыла ИГ ахәҭақәак уа иҟазар ҟалоит, иҟалоит шьамтәылатәи азакәанқәа еиларгозар.
Ари аҵакыра ахьчара иаанырԥшуеит, урыстәылатәи аруаа ари аҭыԥ аҿы рыҟазаара аарԥшра, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхраара разыхиара. Аԥхьаҟа аҭагылазаашьа маншәалахар иалшоит агуманитартә акциақәа рымҩаԥгарагьы.
Аофициалтә Дамаск изныкымкәа иара аҵакыраҿы америкатәи ар рыҟазаара ампыҵахалароуп ҳәа ахнаҳәаахьеит.