Аԥсны

Аҟәа иҟоу Урыстәыла арратә мобилтә госпиталь аҟынтә илҩаауп 500-ҩык апациентцәа

Апациентцәа иахәҭаз ахәшәтәра рхыганы рыҩнуҟа иоужьуп, урҭ наҟ-наҟ аҳақьымцәа рабжьгарақәа ирықәныҟәалоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аҟәа иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь COVID-19 зланы изхызгахьоу 517-ҩык илырҩаахьеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Зынӡа нанҳәа 18 раахижьҭеи 1,7 нызқьҩык рҟынӡа акоронавирус злаз ачымазцәа рыхәшәтәразы иаднакылахьеит.
Иахьазы агоспиталь аҟны ишьҭоуп 73-ҩык инареиҳаны ачымазцәа. Урҭ ихымԥадатәу амедицинатә цхыраара роуеит.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа р-ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа хәшәла реиқәыршәаразы
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа аклиникатә ҭҵаара, х-нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Ара иазԥхьагәаҭоуп 100 ҭыԥк, ииаҭаххаргьы, даҽа 24-ҩык рҭыԥ ацырҵар ҟалоит. Иазымхар аҽа 26 ҭыԥ аадыртыр ҟалоит.
Ара аус руеит 100-ҩык аруаа, урҭ еиҟараны рҽеихшаны иҷаԥшьоит. Дара аус зларуа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә маругалоуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ҩынтәуп Аԥсныҟа ацхырааразы агоспиталь аарышьҭуеижьҭеи.
COVID-19 аҟынтә алаҵа злазҵахьоу ачымазаҩ динырыргьы, ахыԥхьакра иқәшәом