Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ача ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит

2019 шықәса раахыс Аԥсны ача ахәԥса шьҭымҵыцт. Усҟан 20,5 мааҭ рҟынтәи 24 мааҭ рахь ихагалан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ача ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит "Ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҭышәныртәаларазы" азакәан инақәыршәаны.
Ақәҵара инақәыршәаны, ачашыла иалырхуа аформатә-ча ахәԥса абас иҟоуп:
Иреиҳау ачашыласорт иалху ача кьылак иаԥсахоит - 46 мааҭ, 0,6 кьылак - 28 мааҭ,
Аҩбатәи ачашыласорт иалху ача кьылак иаԥсахоит - 41 мааҭ, 0,6 кьылак - 25 мааҭ.
Убри аан Аԥсныҟа иаларгало ачашыла еизаку ахәаахәҭратә хәыԥса иацҵахоит 15% аҳазалхартә хәыԥсаҟынтә.