COVID-19 иаҿагылоу ахыцтә иммунитет азы алаҵа актәи афаза иахысит

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуан Германиа, Тиубингентәи ауниверситет аклиникаҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Ауаа рҿы аклиникатә ԥышәарақәа раԥхьатәи рфаза мҩаԥган COVID-19 иаҿагылоу Т-ахыцтә иммунитет аԥҵаразы. Иара хыркәшан қәҿиарала ҳәа рҳәоит анемец ҵарауаа. Астатиа кьыԥхьан ажурнал Nature аҿы.
Гинцбург еиҭеиҳәеит COVID-19 аҟынтә кыраамҭатәи алаҵаҟаҵара зыдҳәалоу
Аҭҵаарақәа инарықәыршәан 36-ҩык алахәылацәа алаҵа CoVac-1 актәи адоза роуит. Уи Т-хыцқәа еиҳа анырра рырҭеит акоронавирустә инфекциа аан аасҭа.
Т-хыцтә иммунитет — ари ацәеижь иалалаз апатогенқәа раԥхьатәи рҽырцәыхьчароуп.
Т-хыцқәа аинфекциа иҭахнакааз ахыцқәа рыхьчоит, иара убасгьы аинформациа В-хыцқәа ирзынанашьҭуеит. Урҭ роуп ацәеижьҿагылақәа зырҿио. Т-хыцтә иммунитет В-хыцқәа зыцәмаҷу рзы акраҵанакуеит (акьыбачымазара змоу, ма аиммунодефицит змоу рзы).