Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ашкол иалго Урыстәыла иҭало ашәҟәы рыҽҭагалара аус шцо атәы

Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵара згәы иҭоу зегьы иҷыдоу асистема рыҽҭаргалароуп абҵарамза 25 рҟынӡа, абри атәы иҳәеит аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәлар рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
"Урыстәыла иреиҳау ауниверситетқәа рҭаларазы Аԥсны иҟоу Москва аҩны ирыланаҳәеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҭалара зҭаху https://education-in-russia.com/ аинтернет ҵакыраҿы рыҽҭагалара. Ус еиԥш ҟазымҵаз хәыда-ԥсада алшара иуӡом аквота ҳасабала аҵараиурҭа аҭалара. Иҟоуп изцәыцәгьоу аинтернет ала аҽҭагалара. Азҵаарақәа рацәан. Аминистррахь иадҵаалоз ыҟан. Москва аҩны ахьгьы иадҵаалоз ыҟан. Ари ззынархоу еиҳарак заа иҭало рсиа ашьақәыргылара, иарбан хырхарҭақәоу, иарбан университетқәоу реилкаара. Ҵыԥх аквота 30 инареиҳаны иазоужьҭызгьы, сынтәа 90 рҟынӡа иазоужьҭын Аԥсны азы. Ари ус бзиоуп. Ҳзыргәырӷьо ак акәны ҳахәаԥшуеит. Ҳара ҳсоциалтә даҟьақәа рыҿгьы инарҭбааны адырра роур рылшоит иарбан шәҟәқәоу иаҭаху аҽҭагаларазы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.