АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Абҵара 24 рзы Москватәи аконсерваториа Азал ду аҿы Хьыбла Гьерзмааԥҳаи (сопрано) Елина Гаранчеи (меццо-сопрано) еицықәгылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аконцерт иалахәхоит: Светланов ихьӡ зху Асимфониатә оркестр адирижиор Фабио Мастранџьело. Апрограммаҿ – франциатәии италиатәии акомпозиторцәа роперақәа рҟынтәи ариақәа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа –Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы реиҳа иналукааша аоператә шәаҳәаҩы.
Венатәи аҳәынҭқарратә опера асценаҿы Латвиатәи амузыкатә академиа аушьҭымҭа Елина Гаранча 18 рҟынӡа роль налыгӡахьеит 100 спектакльк рҿы. Иланашьоуп Kammersangerin ҳәа атитул.
Гьерзмааԥҳаи Гаранчеи абҵара 26 рзы Мариинтәи-2 аҿы иқәгылоит.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьанатә иара Аԥсны акәын иахьымҩаԥысуаз, аха нас уи аҳәаақәа ирҭыҵны аҽарҭбааит: Москва, Санкт-Петербург, Казань, Австриа, Монако, Швеицариа, Латвиа, Британиа ду, Италиа, ЕАА.
19-тәи афестиваль 2021 шықәса нанҳәазы Аԥсны амҩаԥгара азԥхьагәаҭан, аха апандемиа иахырҟьаны жьҭаарамзахь иахыган.
Жьҭаара 8 рзы, Аԥсны акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа шыҟазгьы, афестиаль ҩымш имҩаԥысит РУСДРАМ асценаҿы.