Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ферзба Тҟәарчал ашколқәа рыбжьара COVID азы аҭагылазаашьа иазкны

Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Даур Ферзба еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рыбжьара аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа шыҟоу, алаҵаҟаҵара ацашьа зеиԥшроу.
Sputnik
"Аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит есыҽны. Иахьа 357 арҵаҩцәа рҟынтәи ааҩык COVID рымоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Ахәыҷқәа рганахьала, 14-ҩык аҿкы чымазара рымоуп, ианеиҳаз аамҭақәагьы ыҟан. Иахьа иԥхьатәан иҟаз класск аҿы итәаз ахәыҷқәа рҿы иалкаан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ферзба.
Уи адагьы иара иазгәеиҭеит иахьа ишеилкаахаз араионтә школқәа рыбжьара аиҳабыратә классқәак рҵаҩцәа рҽыԥхьаркыртә еиԥш адҵа шрыҭаз.
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Даур Ферзба иҳәеит ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча 21 мшы ишаркыз, аха ари амчыбжь азы уи аусура шеиҭахацнаркыз.