ВОЗ аҳәамҭа ҟанаҵеит амчыбжь аҩнуҵҟа акоронавирус иахҟьаны иԥсыз рацәаҩхеит ҳәа

Ииасыз амчыбжь ала адунеи аҿы COVID-19 рыдбалан 3,6 миллионҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа зыхьызи уи иацу аԥсыҭбарақәеи рхыԥхьаӡара 6% рыла ишьҭыҵит ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара.
ВОЗ аҿы еиҭарҳәеит акоронавирустә пандемиа нҵәар аналшо
Ииасыз амчыбжь ала адунеи аҿы COVID-19 рыдбалан 3,6 миллионҩык, 51 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аепидемиатә биуллетень аҿы иарбоуп ари аҩыза аҭагылазаашьа мызкаахыс ишыҟоу.
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 34265-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 28650-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 516-ҩык.