COVID-19 зхызгаз рзы асертификат шықәсык аҿҳәара амоуп

Алагала ҿыц аиҭачымазаҩхара арбагақәа 0,74 процент рыла рылаҟәра иадҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин COVID-19 зхызгаз рзы асертификат фымз инаркны шықәсык аҿҳәара амазарц аԥшьгамҭа дадгылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Атәыла ахада дызлахәыз Аиҳабыра реилацәажәарахь абри аҩыза аԥшьгамҭа рыдылгалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова. Лара лажәақәа рыла, урыстәылатәи аҟазауаа ачымазара зхызгаз шықәсык аҟынӡа дыхьчоуп ҳәа азырыԥхьаӡоит.
Путин иҳәеит иарбанызаалак атәыла иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны ахатәы ӡбара аднакылар алшоит ҳәа.
Хара имгакәа аҳәынҭқарратә маҵзурақәа Иаку рпортал аҿы ари аԥсахра арбахоит.