Аԥсны

Гинцбург еиҭеиҳәеит Урыстәыла "Спутник V", "Спутник Лайт" заҟа ҭрыжьхьоу

2020 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы ашәҟәы иҭаргалеит акоронавирус хызҽуа раԥхьатәи алаҵа "Спутник V".
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Урыстәыла 70 миллион алаҵа "Спутник V", 15 миллион "Спутник Лайт" ҭрыжьхьеит, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург.
"Урыстәыла 70 миллион алаҵа "Спутник V", 15 миллион "Спутник Лайт" ҭрыжьхьеит", — иҳәеит иара.
COVID-19 иаҿагылоу адунеи аҟны раԥхьатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы иҭаргалеит 2020 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аҿы. Лаҵарамзазы ашәҟәы иҭагалан даҽа лаҵак –"Спутник Лайт".
Абҵара 24 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы ашәҟәы иҭаргалеит ақәыԥшцәа рзы COVID-19 аҟынтә алаҵа.
COVID-19 зхызгаз рзы асертификат шықәсык аҿҳәара амоуп