Арадио

"Умницы и умники" Аԥснынтәи алахәылацәа еиҭарҳәеит адырраҭара ралахәхара атәы

Аинтеллектуалтә теледырраҭара "Умницы и умники" иалахәыз Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа Дариа Ситникова, Анна Амҷыԥҳа, Саид Берулаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит адырраҭара ателехәаԥшратә версиа аҭыхрақәа шымҩаԥысуаз, уи рыҽшазыҟарҵоз атәы.
Sputnik
Еицырдыруа ателедырраҭара "Умницы и умники" аԥшьбатәи афиналбжаҿ Аԥсны ахьӡала иалахәын Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа Дариа Ситникова, Анна Амҷыԥҳа, Саид Берулаа.
Аиҿцәажәара хацыркуа, Саид Берулаа еиҭеиҳәеит адырраҭара алахәхаразы ашколхәыҷқәа рыбжьара Аԥсны алԥшаара шымҩаԥысуаз, "Умницы и умники" ахь ицоит ҳәа адырра шроуз атәы.
Анна Амҷыԥҳа илҳәеит адырраҭара алахәхара лара лзы акырӡа шаҵанакуа, еиҭалҳәеит уи илзацыз ацәаныррақәа ртәы.
Дариа Ситникова дазааҭгылеит афиналбжахь лнеира зыбзоурахаз, иарбан зҵаарақәоу зҭак аҟаҵара лылшаз. Илҳәеит ус еиԥш алшара ахьлоуз даара дшеигәырӷәо.
Ашколхәыҷқәа еиҭарҳәеит иарбан темақәоу ирзалхыз, насгьы урҭ рыҽшырзыҟарҵоз.