Урыстәылатәи аҳаирпланқәа Амшын еиқәаҿы аӷбақәа рыжәлара аус адырулеит

Ауснагӡатә иалахәын жәаба рҟынӡа аҳаирпланқәа рекипажқәа, аԥыԥшратә ӷба "Василий Быков", ашхәаҿагыларатә ӷба маҷқәа "Касимов", "Ейск".
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҳаирпланқәа Су-27СМ3, Су-30М2 – Аладатәи арратә округ авиациатә еидҵараҟынтә аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Амшын еиқәа иахьаҵанакуа.
Аԥрыҩцәа Амшын еиқәаҿы "аӷа" иӷбақәа рыжәлареи ажәылара аҭак аҟаҵареи аус адырулеит.
Аҽазыҟаҵарақәа рлахәылацәа аӡхықәтә хықәкқәа рыжәлашьа аус адырулеит, имҩаԥыргеит атактикатә маанақәа аӷа ирадиоелектронтә хархәагақәа рышьаҽраҿы.
Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА абомбакажьга ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәааҿы ирацәахо иалагеит ҳәа