Аԥсны

Агәыбедиа ақыҭаҿы ахатәы ҩны блит

Хыҵакырҭада иаанхеит ԥшьҩык ашколхәыҷқәа ахьырааӡо аҭаацәара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Еихагылак змоу амҿтәы ҩны блит Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭан. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Амцакра шыҟалаз азы амцарцәаҩцәа рахь адырра ҟалеит ахәаша абҵара 26 асааҭ 15:59 рзы.

Амцарцәаҩцәа анааи, аҩны зегьы амца акхьан, дара ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны ықәццышәаа ицеит. Хыҵакырҭада иаанхеит ахәыҷы рацәа иахьрызҳауа аҭаацәара.

Уажәазы иҟоу адыррала, амцакра ҟалеит афымцацәаҳәақәа реидыслара иахҟьаны.