Молдавиа "Газпром" аҿаԥхьа иақәыз 74 миллион доллар ауал ашәеит

Молдавиатәи апарламент аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала аԥшьаша аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2021 шықәсатәи аҳәынҭбиуџьет азын азакәан аԥсахрақәа алагалара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Молдавиа "Газпром" аҿаԥхьа иақәыз ауал 74 миллион доллар ашәеит, абри атәы ркьыԥхьит РИА Новости аилахәыра "Молдавгаз" апресс-маҵзура шьаҭас иҟаҵаны.
Молдавиатәи апарламент аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала аԥшьаша иаарласны аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2021 шықәсатәи аҳәынҭбиуџьет азын азакәан аԥсахрақәа алагалара, жьҭаарамзеи абҵарамзеи раан агаз азы ирықәыз ауал ашәаразы аԥара азоуражьырц.

"АЕ "Молдавгаз" "Газпром" аҿаԥхьа иақәыз ауал жьҭаарамзеи абҵарамза раԥхьатәи азбжеи рзы агаз инырхыз азы", - ҳәа аанацҳауеит аилахәыра апресс-маҵзура.

Жьҭаарамза анҵәамҭазы Кишиниови "Газпроми" аиқәшаҳаҭра ирыбжьаз аамҭа иацырҵеит даҽа хәышықәса ҳәа. Убри аан Молдавгаз" 2022 шықәса рзы иақәхо ауал аудит мҩаԥгазароуп. Иазгәаҭаны иҟоуп уи ауал Молдова хәышықәса рыла иархынҳәуеит апениа ҳасаб азуны.