"Аџьармыкьаҿы иҟоу ахә абжа ҳәа иаҳҭиуеит ара. Ажәлар ргәы иахәаны иргоит. Иаҳҳәап, акиви аџьармыкьаҿы 120 ҳәа ирҭиуеит, ҳара ҳҿы иркуеит 60-50 мааҭ. Аҭиразы ҳара ауадаҩра ҳамаӡам. Аӡәы аҭиразы апроблема ҳамоуп ҳәа иҳәаргьы, сақәшаҳаҭӡам сара, ашәыр пату ақәҵаны иуааӡар, аахәаҩцәагь ыҟоуп. Ҽнак 10-15-нтә аҭел иасуеит "ҳнеиуеит, ашәыр шәымоума" ҳәа. Иаауеит, иаархәоит. Ҳаргьы иаҳзаанхо ҳазхоит, иаазхәогьы ргәы иахәаны иргоит, ахә мариоуп азыҳәан. Изҭаху кьылак, изҭаху еиҳаны", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.