Арадио

Занҭариа: Аконституциа Аԥшьашәҟәы иаҩызоуп

Атәыла азакәан хада адкылара шымҩаԥысуаз, уи аԥсахрақәа алагалара дшазыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит "ахьтәы" ҳәа хьӡыс изауз Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи Апарламент актәи ааԥхьара адепутат, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа.
Sputnik
Абҵарамза 26 1994 шықәсазы Аԥсны ареспублика ашьақәгылара ҳәаақәызҵо Аконституциа рыдыркылеит. Уи аҽны атәыла раԥхьатәи ахадас далхын уаанӡа Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс иҟаз Владислав Арӡынба. Ҳтәыла азакәан хада иамаз амчреи иахьатәи амчи, ҳтәылазы иреиҳаӡоу азакәан адкылара шымҩаԥысуаз, уи аԥсахрақәа ралагаларазы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа.
Иара иазгәеиҭеит Аконституциа аԥсахрақәа алагалара аус даараӡа ишәаны-изаны изызнеитәу усуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио.