АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Жәамш рыҩнуҵҟа иԥшәымадоу алақәа рҭыԥ аргылара хыркәшахоит, ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҳәынҭқарра ахада дызлахәыз аилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ешба иазгәеиҭеит, Ӡыгәҭа аҳаблан иԥшәымадоу алақәа рҭыԥ аргылара шықәсык шҵуа иаҿуижьҭеи, адгьыл азалнахит Аҟәа араион ахадара.
"Ҳара ҳрыцхраауеит агәыҳалалратә фонд "Агәыӷра", иҳаргылоит алақәа ахьырбаша ахыбра, абар хара имгакәан аусурақәа хыркәшахоит - мчыбжьык, жәамш роуп иаанхаз", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа, ақалақь ахада 2020 шықәса лаҵара 19 рзы иҟаиҵаз аусдҵала, аԥстәқәа гәымбылџьбарыла рызныҟәареи рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны азин ыҟам иԥшәымадоу аҩнытә ԥстәқәа рышьра.