Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ахысра иалагаз ахаҵа даанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аусзуцәа дааныркылеит Алхас Хәарцкиа, "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дахьхысуаз азын. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусеиларгара адыррақәа рыла, абҵара 25 ауха 22:50 рзеиԥшшәа Хәарцкиа Аҟәа Гәымсҭатәи амҩаду ала иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аганахь ала аантәы дхысит. Иара убас, бжьынтә дхысит иаанкылараан, уи анаҩс амилициа аузуцәа иабџьар имырхит.
Абџьар аныҟәгаразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц азакәан апроект ахада идгалоуп
Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеиларгара аҟәша Хәарцкиа иганахь ала ашьаус хацнаркит, амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара абџьар ахархәарала, иара убас иаанкылараан амчра ахаҭарнакцәа рҿагылараз.
Хәарцкиа дызлахысуаз абџьар имхны аекпертизахь ишьҭуп.