Аԥсны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Гарри Аҩӡба

Гарри Аҩӡба ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәы 20 раахыс ишьҭан Аҟәа Аҳабла ҿыц аҭыԥ змаз аиҿахысра ашьҭахь, уи аиҿахысра аан ҩыџьа ҭахеит, аӡәы дырхәит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа Сахаров имҩаҿы дааныркылеит уажәраанӡа изышьҭаз Гарри Аҩӡба, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҩӡба ишьҭан ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәы 20 инаркны уи иганахьала изакәанымкәа абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы ашьаус анхацдыркы ашьҭахь.
Иара уажәы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ауаҩы аамҭала иаанкыларҭаҿы дҭакуп.
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит
Уаанӡа Аԥсны ААР апресс-маҵзура излаанацҳахьаз ала, ԥхынгәы 17 рзы Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц аҿы Руслан Гәдалиа, Игор Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Беслан Ӡыба рыбжьара аиҿахысра ҟалеит. Уи аан Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи ҭахеит, Аслан Зыхәба дырхәит.
Ашьаус хацыркын Руслан Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Игор Гәдалиа рганахьала, аҵыхәтәантәи ҩыџьа амилициа иааныркылеит. Гарри Аҩӡба иахьанӡа ишьҭан.
Аҟәа амилициаа иреихсуа ирцәыбналоз ауаа рырбаандаҩшьа еиҭакуп
Уи аԥхьа Гарри Аҩӡбеи, Мизан Зыхәбеи, Аинар Зыхәбеи, Аслан Зыхәбеи рыӡбахә ыҟан 2020 шықәса хәажәкырамзазы аҭыԥ змаз амилициа аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара афакти амцабџьар изакәанымкәа аикәыршареи рыла ашьаус аҿы.
Рашәара 28 2021 шықәса рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа арҭ рыԥшьҩыкгьы, Гарри Аҩӡба дназлоу, ариашеит. Апрокуратура акәзар, уи аӡбамҭа иахашшааит. Цәыббрамзазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа урҭ зыриашоз аӡбамҭа аԥнахын, аус еиҭах Аҟәатәи араионтә ӡбарҭахь инанашьҭит уи аилазаара ԥсахны еиҭахәаԥшырц азы.
Аҟәа ахысрала ашьҭазаараз аус ариашаратә зыӡба мап ацәкуп
Зыӡбахә ҳәоу ахаҿы ахара идуп ҳәа иԥхьаӡоуп уи азы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь азакәантә мчы анаиуа инаркны.