Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Маланиаԥҳа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аԥсшьаҩцәа рыдкылара атәы

Ашықәс ҿыц азы аԥсшьарамшқәа Аԥсны изхызгарц зҭаху рхыԥхьаӡара еизҳар алшоит сынтәа. Урҭ рыдкылара, аныҟәарақәа рзеиҿкаара иахьынӡазхиоу, уадаҩрас иҟоу атәы еиҭалҳәеит атуристтә еилахәыра "Аԥсуа Тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа.
Sputnik
Сынтәа акыр азҿлымҳара аадырԥшуеит атуристцәа Ашықәс ҿыц Аԥсны ирхыргаразы. Атуроператор "Дельфин" адыррала 20 % рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҳтәылахь раашьҭра азгәарҭоит. Аӡынтәи аныҳәақәа раан атуристцәа уаанӡаа аасҭа еиҳахар, урҭ рымҩангара, рныҟәгара иахьынӡазхиоу, ауадаҩрақәа иҟоу зыдҳәалоу, иахьазы ирыдҵаало рацәаҩума, сынтәа аԥсшьаҩцәа аныҳәамшқәа рзы рыдкылара ргәы ианҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит атуристтә еилахәра "Аԥсуа Тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.