Аԥсны

Галнтәи Қырҭтәылаҟа аҭаҭынаалыҵ аиагара аԥырҟәҟәаауп

Аԥсны аҳазылхратә еилакы азинхьчаратә ҟәша агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аконтрабанда аԥырҟәҟәаразы аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳазалхратә закәанԥҵареи Аԥсны аҳазылхратә еилаки Гал араион Ҳашҭа ақыҭан ирыԥшааит 20 нызқь аҭаҭын аалыҵ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳазылхратә еилакы асаит.
Иазгәаҭоуп, аҭаҭынаалаҵ шдырмазеиуаз изакәанымкәан Аԥсны аҳәаа иахыганы Қырҭтәылаҟа ашьҭразы.
Аԥсны аҳазылхратә еилакы азинхьчаратә ҟәша агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Қырҭтәыла аҳәааҿы ҩымыз рыҩнуҵаҟа 3,6 миллион мааҭ рыхә аконтрабанда аанкылоуп
Жьҭаарамзазы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура иакьыԥхьит 2021 шықәса ԥхынгәи нанҳәеи рзы Аԥсны АШәМеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМеи русзуҩцәа аԥсуа-қырҭуа ҳәааҿы ашәҟәы ишҭаргалаз 19 ҽазышәара 3,6 миллион мааҭ рыхә еиуеиԥшым атауарқәа изакәанымкәан аҳәаа ахыгаразы.