НАТО Амшын еиқәаҿы аҭагылазаашьа иазкны Украинеи Қырҭтәылеи ирацәажәарц агәы иҭоуп

Аҩадатлантикатәи алианс иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Рига абҵара 30-еи ԥхынҷкәын 1-и рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. НАТО иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Рига имҩаԥысраны иҟоу реиԥылараан Украинеи Қырҭтәылеи алархәны Амшын еиқәа арегион аҿы аҭагылазаашьа иалацәажәарц ргәы иҭоуп. Абри атәы Бриуссель апресс-конференциаҿы иҳәеит Аҩадаатлантикатәи алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
"Қырҭтәылеи Украинеи рхаҭарнакцәеи ҳареи Амшын еиқәа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳалацәажәараны ҳаҟоуп", - иҳәеит иара.
Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА абомбакажьга ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәааҿы ирацәахо иалагеит ҳәа
Жьҭаарамза иалагеижьҭеи Амшын еиқәа аӡқәа рҿы НАТО иалоу атәылақәа иазԥхьагәаҭамкәан иҟаз рырратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы изларԥхьаӡо ала, Еиду Америкатәи аштатқәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рплан ахыхь Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәара имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа уа аҭагылазаашьа аҵшәаара иазҳәоуп, урҭ рхықәкқәа иреиуоуп Украина аҵакыра рнапахьы аагара.
Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа Амшын еиқәаҿы рхымҩаԥгашьа провокациоуп ҳәа ахиҳәааит