Аԥсны

Ахьынапқәа змоу: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа аԥсы шырхеиҵо

Sputnik
Абар уажәшьҭа 30 шықәса ҵуеит Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа инапала иҟаиҵоижьҭеи. Иара ида Аԥсны аӡәгьы ари аус инапы алакым. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иара напыла мацара акәын аус шиуаз.
Аха ҩымз раԥхьа иара иҟазарҭа ҳаамҭа иақәшәо амаруга адигалеит. Уи зыбзоурахаз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект иахьазыразхаз ауп, миллион мааҭк инеиҳаны аԥара изалырхын, иара иҟазарҭа иақәнагоу маругала еиқәиршәеит. Уи иабзоураны амаҭәахәқәа иаҳа ирласны рыҟаҵара далагеит.
Арухаа инапы иҵихуеит аԥсуа музыкатә арҳәагақәа хкыс иааҟоу зегьы. Урҭ иреиуоуп аԥхьарца, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь. Арухаа аибашьра ашьҭахь игәы иҭамкәан ауп ари аус инапы шалеикыз. Иҩызеи иареи еисеит инапала ачамгәыр шыҟаиҵо ҳәа. Иаразнак акәымзаргьы, ииҳәаз аҟаҵара илшеит. Уи аахыижьҭеи аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа раԥҵара – иԥсҭазаара иахәҭакхеит.
1 / 13

Хәаԥ ақыҭа ииз, иааӡаз Уасил Арухаа инапала аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа ҟаиҵоит. Иара ида Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ари аус иаҿу аӡәгьы дыҟам.

2 / 13

Уаанӡа иара напыла мацара акәын урҭ шаԥиҵоз, аха ааигәа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект ианазыразха, иара иҟазарҭаҿы иҷыдоу амаругала аус иуртә алшара иоуит.

3 / 13

Ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа иус дырманшәалеит, идырццакит.

4 / 13

Уаанӡа ачамгәыр аҟаҵара ҩымчыбжь ицәақәыӡуазҭгьы, уажәшьҭа ари амаруга иабзоураны мчыбжьык ала далгоит.

5 / 13

Хымԥада, анапқәагьы иахәҭоу аус нарыгӡароуп. Етапқәак раан напыла мацара иҟаҵатәу аус маҷым.

6 / 13

Ари асахьаҿы ижәбоит аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәага ачамгәыр абаҩ.

7 / 13

Уи анеибиҭалак, Уасил Арухаа уа даангылаӡом, иахәҭоу абжьы ахылҵаанӡа аус адиулоит. Зны-зынла уи азы ҽнак-ҩымш анизымхогьы ыҟоуп.

8 / 13

Изладырҳәо аҽхәыц акәзар, уи Арухаа ихала иҟаиҵаӡом, Урыстәыла иҿеиҵоит.

9 / 13

Арҳәага иарбанзаалак ахәҭа иара ахатә ҵакы амоуп, ибзианы абжьы гарц азы зегьы ишақәнагоу иҟазароуп.

10 / 13

Амаругала аҟаза амузыкатә арҳәага ахәҭақәа зегьы иахәҭоу аформа аанахәартә иҟанаҵоит.

11 / 13

Арухаа инапы иадыруеит аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь аҟаҵашьа.

12 / 13

Ари аус инапы алакуижьҭеи шаҟа арҳәага ҟаиҵахьоу ихаҭагьы издыруам, избанзар урҭ ԥхьаӡаны џьаргьы ианиҵомызт.

13 / 13

Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа рыҟаҵара далагеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аахыижьҭеи.