Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахьынапқәа змоу: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа аԥсы шырхеиҵо

Анапаҵаҩра
Абар уажәшьҭа 30 шықәса ҵуеит Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа инапала иҟаиҵоижьҭеи. Иара ида Аԥсны аӡәгьы ари аус инапы алакым. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иара напыла мацара акәын аус шиуаз.
Аха ҩымз раԥхьа иара иҟазарҭа ҳаамҭа иақәшәо амаруга адигалеит. Уи зыбзоурахаз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект иахьазыразхаз ауп, миллион мааҭк инеиҳаны аԥара изалырхын, иара иҟазарҭа иақәнагоу маругала еиқәиршәеит. Уи иабзоураны амаҭәахәқәа иаҳа ирласны рыҟаҵара далагеит.
Арухаа инапы иҵихуеит аԥсуа музыкатә арҳәагақәа хкыс иааҟоу зегьы. Урҭ иреиуоуп аԥхьарца, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь. Арухаа аибашьра ашьҭахь игәы иҭамкәан ауп ари аус инапы шалеикыз. Иҩызеи иареи еисеит инапала ачамгәыр шыҟаиҵо ҳәа. Иаразнак акәымзаргьы, ииҳәаз аҟаҵара илшеит. Уи аахыижьҭеи аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа раԥҵара – иԥсҭазаара иахәҭакхеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Хәаԥ ақыҭа ииз, иааӡаз Уасил Арухаа инапала аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа ҟаиҵоит. Иара ида Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ари аус иаҿу аӡәгьы дыҟам.

Хәаԥ ақыҭа ииз, иааӡаз Уасил Арухаа инапала аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа ҟаиҵоит. Иара ида Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ари аус иаҿу аӡәгьы дыҟам. - Sputnik Аҧсны
1/13

Хәаԥ ақыҭа ииз, иааӡаз Уасил Арухаа инапала аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа ҟаиҵоит. Иара ида Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ари аус иаҿу аӡәгьы дыҟам.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уаанӡа иара напыла мацара акәын урҭ шаԥиҵоз, аха ааигәа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект ианазыразха, иара иҟазарҭаҿы иҷыдоу амаругала аус иуртә алшара иоуит.

Уаанӡа иара напыла мацара акәын урҭ шаԥиҵоз, аха ааигәа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект ианазыразха, иара иҟазарҭаҿы иҷыдоу амаругала аус иуртә алшара иоуит. - Sputnik Аҧсны
2/13

Уаанӡа иара напыла мацара акәын урҭ шаԥиҵоз, аха ааигәа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиаразы апрограммахь инаишьҭыз апроект ианазыразха, иара иҟазарҭаҿы иҷыдоу амаругала аус иуртә алшара иоуит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа иус дырманшәалеит, идырццакит.

Ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа иус дырманшәалеит, идырццакит.  - Sputnik Аҧсны
3/13

Ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа иус дырманшәалеит, идырццакит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уаанӡа ачамгәыр аҟаҵара ҩымчыбжь ицәақәыӡуазҭгьы, уажәшьҭа ари амаруга иабзоураны мчыбжьык ала далгоит.

Уаанӡа ачамгәыр аҟаҵара ҩымчыбжь ицәақәыӡуазҭгьы, уажәшьҭа ари амаруга иабзоураны мчыбжьык ала далгоит.  - Sputnik Аҧсны
4/13

Уаанӡа ачамгәыр аҟаҵара ҩымчыбжь ицәақәыӡуазҭгьы, уажәшьҭа ари амаруга иабзоураны мчыбжьык ала далгоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Хымԥада, анапқәагьы иахәҭоу аус нарыгӡароуп. Етапқәак раан напыла мацара иҟаҵатәу аус маҷым.

Хымԥада, анапқәагьы иахәҭоу аус нарыгӡароуп. Етапқәак раан напыла мацара иҟаҵатәу аус маҷым.  - Sputnik Аҧсны
5/13

Хымԥада, анапқәагьы иахәҭоу аус нарыгӡароуп. Етапқәак раан напыла мацара иҟаҵатәу аус маҷым.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари асахьаҿы ижәбоит аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәага ачамгәыр абаҩ.

Ари асахьаҿы ижәбоит аԥсуа милаҭтә  музыкатә арҳәага ачамгәыр абаҩ. - Sputnik Аҧсны
6/13

Ари асахьаҿы ижәбоит аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәага ачамгәыр абаҩ.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уи анеибиҭалак, Уасил Арухаа уа даангылаӡом, иахәҭоу абжьы ахылҵаанӡа аус адиулоит. Зны-зынла уи азы ҽнак-ҩымш анизымхогьы ыҟоуп.

Уи анеибиҭалак, Уасил Арухаа уа даангылаӡом, иахәҭоу абжьы ахылҵаанӡа аус адиулоит. Зны-зынла уи азы ҽнак-ҩымш анизымхогьы ыҟоуп.  - Sputnik Аҧсны
7/13

Уи анеибиҭалак, Уасил Арухаа уа даангылаӡом, иахәҭоу абжьы ахылҵаанӡа аус адиулоит. Зны-зынла уи азы ҽнак-ҩымш анизымхогьы ыҟоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Изладырҳәо аҽхәыц акәзар, уи Арухаа ихала иҟаиҵаӡом, Урыстәыла иҿеиҵоит.

Изладырҳәо аҽхәыц акәзар, уи Арухаа ихала иҟаиҵаӡом, Урыстәыла иҿеиҵоит. - Sputnik Аҧсны
8/13

Изладырҳәо аҽхәыц акәзар, уи Арухаа ихала иҟаиҵаӡом, Урыстәыла иҿеиҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арҳәага иарбанзаалак ахәҭа иара ахатә ҵакы амоуп, ибзианы абжьы гарц азы зегьы ишақәнагоу иҟазароуп.

Арҳәага иарбанзаалак ахәҭа иара ахатә ҵакы амоуп, ибзианы абжьы гарц азы зегьы ишақәнагоу иҟазароуп. - Sputnik Аҧсны
9/13

Арҳәага иарбанзаалак ахәҭа иара ахатә ҵакы амоуп, ибзианы абжьы гарц азы зегьы ишақәнагоу иҟазароуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амаругала аҟаза амузыкатә арҳәага ахәҭақәа зегьы иахәҭоу аформа аанахәартә иҟанаҵоит.

Амаругала аҟаза амузыкатә арҳәага ахәҭақәа зегьы иахәҭоу аформа аанахәартә иҟанаҵоит. - Sputnik Аҧсны
10/13

Амаругала аҟаза амузыкатә арҳәага ахәҭақәа зегьы иахәҭоу аформа аанахәартә иҟанаҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арухаа инапы иадыруеит аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь аҟаҵашьа.

Арухаа инапы иадыруеит аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь аҟаҵашьа. - Sputnik Аҧсны
11/13

Арухаа инапы иадыруеит аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, аҿарпын, абыкь аҟаҵашьа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аус инапы алакуижьҭеи шаҟа арҳәага ҟаиҵахьоу ихаҭагьы издыруам, избанзар урҭ ԥхьаӡаны џьаргьы ианиҵомызт.

Ари аус инапы алакуижьҭеи шаҟа арҳәага ҟаиҵахьоу ихаҭагьы издыруам, избанзар урҭ ԥхьаӡаны џьаргьы ианиҵомызт. - Sputnik Аҧсны
12/13

Ари аус инапы алакуижьҭеи шаҟа арҳәага ҟаиҵахьоу ихаҭагьы издыруам, избанзар урҭ ԥхьаӡаны џьаргьы ианиҵомызт.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа рыҟаҵара далагеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аахыижьҭеи.

Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа рыҟаҵара далагеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аахыижьҭеи. - Sputnik Аҧсны
13/13

Уасил Арухаа аԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа рыҟаҵара далагеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аахыижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0