Аԥсны ахада Аҟәа араион аҿы агәаҭаратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит абҵара 22 рзы.
"Аҳәынҭқарра ахада Аҟәа араион Баслаҭа Ӡыгәҭа ақыҭақәа даҳҭан. Аибашьраан иҭахаз ҳашьа афырхаҵа Адам Хуаде ихьӡ зху амҩа аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Иҽеимкәа иҟан, уажәазы акаҭран ықәҵаны аусурақәа мҩаԥыргеит. Зықь метра амҩа акаҭран ықәҵоуп, уи иазааигәаны ҩынҩажәи жәабаҟа ҭӡы нхоит. Cынтәатәиала акаҭран акәымкәа 17 мҩа ахаҳә ықәыԥсан. Сқыҭаҟны нырцә-аарцә аӡы ҳабжьоуп Баслаҭа, аарцә мызктәи аусурақәа аанханы иҟоуп, егьыс зегьы амҩақәа еимаҳдахьеит, амшцәгьақәа раан аӡы иаӡәӡәаз. Абжьагаламҩақәа даҽа фбаҟа аанханы иҟоуп. Амш ҳаур, мчыбжьык ала ихыркәшахоит амҩақәа реиҭашьақәргылара", - иҳәеит Зеҭба.
Ақыҭа ахада убасгьы дазааҭгылеит афымца азҵаара.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.