Аҵарауаҩ зцәа зтәым COVID-19 аҟынтә рлаҵаҟаҵара атәы далацәажәеит

Зцәа зтәым, агәы, ашьақәыӷәӷәара ҳарак, аҷаҷа рчымазарақәа ма дыҵҟьар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ззыҟоу алаҵа рзыҟаҵара атәы далацәажәеит абиолог Асель Мусабекова.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. "Зцәа зтәымгьы егьырҭ ауаа зегь реиԥш зхатә чымазарақәа: акапан рацәа, ашьақарчымазара, аҷаҷачымазара, аԥсыкра, аутоиммунтә чымазарақәа змоу ыҟоуп. Иҟоуп COVID рацәак изызшәарҭам, згәы бзиоу ", - ҳәа Асель Мусабекова лажәақәа аанагоит апортал coronavirus2020.
Арҭ ачымазарақәа раан алаҵаҟаҵара хымԥадазароуп.
"Избанзар дара аковид ашәарҭара ду иҭанаргылоит. Аԥҳәыс лзы ацәатәымра иара усгьы ашәарҭара аҵоуп. Аха уи авирус шьҭылкаар ашәарҭара ҩынтә-хынтә еиҳахоит". - ҳәа лҳәеит аексперт.
Зцәа зтәым рзы алаҵа аҟаҵара ҟалом, егьырҭ зегьы реиԥш аллергиа рымазар (анафилактикатә гәыҿкаара, ачыра Квинке), иара убасгьы ачымазара лаҽқәа рыҟазаараан.
Гинцбург зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа шырзыҟаҵатәу атәы иҳәеит