Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟоу ауадаҩра аԥыхразы иҟарҵо атәы

Афымцалашара амчхара алаҟәра иахҟьаны Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ӡыда иаанхеит. Иҟоу ауадаҩра ахҳәаа аиҭеит аҳҭнықалақь Аӡыканал анџьныр хада Мираб Анқәаб.
Sputnik
500-600 ҭӡы рҟынӡа Аҟәа ӡыда иҟоуп иахьатәи аамҭаз, ҳәа азгәеиҭеит Мираб Анқәаб арадио Sputnik аефир аҿы.
"Ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы аӡхагалагақәа аус руртә еиԥш алашара амчхара азхаӡом. Ҷанба амҩаду иҟоу ауадаҩрақәа раԥыхразы галнтәи атрансформатор ааганы иқәыргылан, аха ҩбаҟа сааҭ роуп аус ахьауз. Алашара зынӡагьы имаҷхеит. Иара аӡхагалага ада уи атрансформатор ажәлар ықәтәаӡам, аха уи амчхарагьы азхаӡом. Афымцалашара ишахәҭоу иҟалар, аӡазы ауадаҩрагьы ҳауам. Ҳара иҳаздыруам уаҳа ԥсыхәас иаҭатәу. ВИЕМ иахьаҵанакуагьы ус еиԥш ауадаҩра ыҟоуп. Алашара хәыҷык ианацлалак аоператор иадтәалоу иаразнак аус аируеит аӡхагалагақәа, аха уигьы сааҭқәак роуп. Аҟәа аӡеикәшара зегьы аӡхагалагақәа рыла аус ауеит, зхала иҭәуа аӡҭачқәа ыҟаӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Анқәаб.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.