Аԥсны

Аԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы 30-ҩык рҟынӡа COVID-19 рыдбалоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 29- Sputnik. Гәылрыԥшь иҟоу аԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы 34-ҩык акоронавирус рзышьақәырӷәӷәоуп, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аофис.
Омбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа амедусҳәарҭа даҭааит, аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ирина Ануаԥҳа длыҿцәажәеит.
Ануаԥҳа илҳәеит, акоронавирустә инфекциа аԥхьатәи ахҭысқәа хәба абҵара 13 азы ишгәаҭаз. Убри аан акарантин жьҭаара 28 аахыс ирылаҳәан. Усҟан аусуҩцәа быжьҩык аҿкчымазара рыдбалан.
Ахәшәтәырҭаҿы иаартуп аковид-ҟәша, ихьанҭаны коронавирус зхызго дыҟам, иҟоуп аппарат – оксигениратор зхагылоу, ҳәа лҳәеит Ануаԥҳа.
Аковид змоу рыхәшәтәразы арахь даашьҭуп аҳақьым атерапевт.
Аԥсны
Ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ацхыраара рыҭоуп Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы
Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ирина Ануаԥҳа илҳәеит, ачымазцәа рҭагылазаашьа еицәахар арратә госпиталь ахь ишнагахо, аҭыԥантәи аҳақьымцәа рыцҵаны.
Агәабзиарахьчара аминистрра иахәҭаз аныхратә материалқәа, ахәшәқәа, аекспресс тестқәа, оксигенираторқәа рызнаргеит. Хара имгакәа инашьҭхоит анебулаизерқәа ҩба.