АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 786-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 141-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа - 1952 шықәсеи 1954 шықәсеи рзы ииз ахацәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 88 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 64-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 52-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык апациентцәа, хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.