Босфор аӷбақәа рныҟәара аанкылоуп аԥша аӷьыра иахҟьаны

Аҩаша абҵара 30 рзы амш акыр аҽеиҭанакуеит ҳәа аарыцҳауеит Аԥснытәи аҳауагәаҭаҩцәагьы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Босфортәи аӡыбжьахала аӷбақәа рныҟәара аанкылоуп аԥша аӷьыра иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәылатәи аҟәарахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакра шьаҭас иҟаҵаны.
"Аӡыбжьахала аҩганк рыла иаркуп аԥшаӷьыра иахҟьаны", - ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.
Аӷбақәа ҩаԥхьа рныҟәара анхацыркхо макьана еилкаамкәан иаанхоит.
Ателеканал NTV адыррақәа рыла, амшцәгьа иахҟьаны аҳиреилахәыра Turkish Airlines иатәу аҳаирпланқәа фба Сҭамԥыл изымтәаӡакәан Анкареи Измирҟеи ирышьҭит.