АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара адырра ҟанаҵеит акоронавирус COVID-19 уаанӡа изыхьхьазгьы рзы аштамм ҿыц "омикрон" ашәарҭара шалоу азы. Абри атәы аанацҳауиет РИА Новости.
ААЕ аҟны ирҳәеит арҭ заанаҵтәи адыррақәа шракәу, еиҳа инҭкааны хара имгакәа алаҳәара шыҟарҵо.
Аиҿкаараҿы ишьақәдырӷәӷәеит уажә ахархәара змоу ПЦР-тестқәа аштамм ҿыц шаадырԥшуа.
Аштамм ҿыц "омикрон" макьана иҭҵаам, еилкаам ари ахкы "дельта" аасҭа излашәарҭоу. Убри аан ААЕ иазгәанаҭоит алаҵа шакәу иахьазы ачымазара хызҽуа ҳәа иҟоу.
Мышқәак раԥхьа аҵарауаа ирҳәеит Ботсванеи Аладатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус штамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит ҳәа. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари ахкы атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Евроеидгыла Африка атылақәак рҟынтә ауаа рыдкылара азин ҟанаҵом.