Гал араион ауааԥсыра Аԥсны атәылауаҩшәҟәы мамзарагьы анхараз азин аиураз ашәҟәқәа алазымҵац аамҭакьаҿк иалагӡаны ашәҟәқәа аларҵароуп.
" Аформа №9 ирацәаҩуп измоу. Иааиуа ашықәс азы иҟалоит ус еиԥш аҭагылзаашьа, анхаразы азиншәҟәы аиуразы ашәҟәқәа алазҵази, атәылауаҩшәҟәы аиуразы ақьаадқәа алазҵази ирыҭахоит аформа №9. Анахьгьы арахьыгьы иалазымҵаз ус еиԥш ашәҟәы роуӡом. Иахьатәи аамҭаз ауааԥсыра аҭагылазаашьа зеиԥшроу дырны ашәҟәқәа ралаҵара иалагеит, агәамҵхамҵра ыҟаӡам, иҟоуп аилибакаара, аха зегьы еицҿакны азакәан иақәныҟәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Емырхәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.