Аԥсны

"Абиԥарақәа ргәалашәара": Аҟәа имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку аконференциа

Сынтәа 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеижьҭеи 80 шықәса ҵит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Абиԥарақәа ргәалашәара" мҩаԥысит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны абҵара 30 рзы.
Аконференциаҿы ишьҭыхыз атемақәа иреиуан аибашьра иахылҿиааз арыцҳара бааԥсы, афашизм иаҿыгаланы афырхаҵара аазырԥшуаз аибашьцәа гәымшәақәа рыхьӡ анаунагӡатәра, ибжьаӡны иҟоу аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара, аҭоурых ахамыршҭра азҵаара.
Аконференциа алагаанӡа уи алахәылацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Анаҩс, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы аконференциа аусура иалагеит.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит уи алагеижьҭеи 80 шықәса аҵра иадҳәалоу арыцхә. Ари хашҭра зқәым аамҭоуп, ари атрагедиа бааԥс иаҿагыланы афашист мчрақәа ириааиз афырхацәа ргәаларшәара иаамҭоуп", - ҳәа иҳәеит аконференциа аартуа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Владимир Занҭариа.
Иқәгылоз зегьы ражәахәқәа рыҟны ирзааҭгылон Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи ирынаҭаз анырра, афырхацәа рыхьӡ акамыршәразы аусеицуразы иаҭаху ашьаҿақәа, аҿар апатриоттә цәаныррақәа рылааӡаразы иҟаҵатәу, адунеи зегь аҟны аҭышәынтәалара азҵаара азхьарԥшра шаҭаху.
Валерий Бигвава
"Ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә шықәсқәа шаҟа иҭаҳҵаауа аҟара, иӷәӷәахоит ҳаамҭазтәи ҳполитикатә дунеихәаԥшра. Зҭоурых иазхьамԥшуа ажәлар рԥеиԥш уашәшәыроуп. Убри аҟнытә иахьатәи ҳконференциа хәҭак аланагалоит афашизм аҿаԥызҽуа аидеологиа ашьақәырӷәӷәара апроцесс", - иҳәеит Занҭариа.
Аконференциа иалахәын аԥснытәи аҵарауаа, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, аҳәаанырцәтәи аҵарауаа. Дара реиҳараҩык акоронавирустә ԥкрақәа ирыхҟьаны онлаин аформат ала ауп рхы шаладырхәыз. Урҭ иреиуан Маикоп, Ростов-на-Дону, Ставрополь, Брианск, Риазань, Реутов уҳәа урыстәылатәи ақалақьқәа рыҭҵаарадырратә центрқәа рҟынтәи аҵарауаа.
Аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара акандидат Светлана Қорсаиаԥҳа лажәахә аҟны дазааҭгылеит "Аԥсуа театр Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан" захьӡыз атема. Уаҟа лара иазгәалҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аԥсуа театр меихсыӷьрада аус шауаз, ажәлар ргәышьҭыхра шьаҭас иаҭаны аҿар асценахь рцәырҵра аҵакы ӷәӷәа шаныԥшуаз атәы: "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иагәылиааит имаҷымкәан аԥсуа драматә ҩымҭақәа, урҭ аԥсы рхаҵаны асценахь рцәыргара даараӡа акраҵанакуан. Уи гәышьҭыхган, ихаҵарашәан", - ҳәа азгәалҭеит лықәгылараҟны.
Аконференциаҟны ицәырган ажәахәқәа 18. Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы ирыдыркылеит арезолиуциа. Уи ала Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә усбарҭақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых ашьақәырӷәӷәаразы, аҿар агәыбылра рылааӡаразы наҟ-наҟгьы русеицура ырҭбаазааит, аконференциа аматериалқәа ҭыжьзааит ҳәа еицазхарҵеит.