Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра еихсуаз Алхас Хәарцкьиа иганахь ала аԥырҟәҟәаага алхуп

Абҵара 27 азы аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аусзуцәа дааныркылеит Алхас Хәарцкиа, "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дахьхысуаз азын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра еихсуаз Алхас Хәарцкьиа иганахь ала аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылеит аԥырҟәҟәаага – аҩнытә баандаҩра, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит идукат Инга Габилаиаԥҳа.
Лара илҳәеит аҩнытәи абаандаҩра ҿҳәараны ишамоу 28 уахы-ҽны.
Аусеиларгара адыррақәа рыла, абҵара 25 ауха 22:50 рзеиԥшшәа Хәарцкиа Аҟәа Гәымсҭатәи амҩаду ала иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аганахь ала аантәы дхысит. Иара убас, бжьынтә дхысит иаанкылараан, уи анаҩс амилициа аузуцәа иабџьар имырхит.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ахысра иалагаз ахаҵа даанкылоуп
Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеиларгара аҟәша Хәарцкиа иганахь ала ашьаус хацнаркит, амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара абџьар ахархәарала, иара убас иаанкылараан амчра ахаҭарнакцәа рҿагылараз.
Хәарцкиа дызлахысуаз абџьар имхны аекпертизахь ишьҭуп.