Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит "Шьешьелеҭ-1" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны

Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны мрагыларатәи араионқәа, иара убас Аҟәа ахәҭак сааҭк лашарада иаанхоит ацәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Алашара ҟалом абҵара 30 асааҭ 10:00 - 11:00 рзы.
Абҵара 16 аахыс Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара алагалоуп афымцацәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу ахьанҭыра ахьырзышьҭымхуа иахҟьаны.