АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 606-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 144-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 59-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 72-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.