Гинцбург далацәажәеит COVID-19 аштамм "омикрон" аҟынтә алаҵаҟаҵара аҿҳәара

Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. COVID-19 аштамм "омикрон" аҟынтә алаҵаҟаҵара жәамш еиҳамкәа иаҭаххоит. Аҽа 45-50 мшы аҭахуп аҭышәныртәаларатә процедурақәа рзы ҳәа иҳәеит, Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург аканал "Россия 24" аефир аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аексперименттә усурақәа жәамш иреиҳамкәа ирызхоит, егьи аамҭа аҭахуп азинҟаҵаратә процедурақәа, алаҵа ашәарҭадара ашьақәырӷәӷәара уҳәа", - ҳәа иҳәоит Гинцбург.
Иара иазгәеиҭеит арҭ апроцедурақәа 2-2,5 мзы аҭахуп, аха иахьатәи аҭагылазаашьа иаҿырԥшны 45-50 мшы ҳаҽҭаҳагӡароуп.
Убри аан алаҵа аԥсахра иазхәыцтәуп аштамм ҿыц еиҳа инарҭбааны ианыҭҵаахалак ашьҭахь, ҳәа иҳәеит Гинцбург.
COVID-19 зхызгахьоугьы аштамм "омикрон" шьҭыркаар алшоит
Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҿы ирҳәеит алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" аштамм "омикрон" аҟынтә ихәарҭоуп ҳәа.