"Апроблема акыр шықәса ҵуеит иҟоижьҭеи. Ақалақь иалоу алақәа рхыԥхьаӡара аизҳара зыхҟьо, аԥшәмацәа ҭакԥхықәрада аҩнытә ԥстәқәа рааӡара иахьазнеиуа ауп. Урҭ ианаамҭоу астерилизациа рзутәуп. Хымԥада, иҭынхадоу алақәа рзы иҟазароуп ахыҵакырҭа. Уаҟа идрыцқьалоит, алаҵа рзыҟарҵалоит, анаҩс аԥшәмацәа рзырԥшаалоит. Аволонтерцәа аҵыхәтәантәи 5-6 шықәса ирылагӡаны иаҳрыцқьеит 500-600 ла. Алаҵа ҳхала иҟаҳҵоит, еиҳарак ауадаҩра зцу астерилизациа ауп. Урыстәылантә аҳақьымцәа анаҳзаауа иаҳа рхыԥхьаӡара рацәаны иҟаҳҵоит, аҭыԥан иҟазҵо клиникак ауп, уахь алақәа анаҳго ахә ларҟәны иаҳзыҟарҵоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Колпакчан.
Алақәа рхыҵакырҭа ахьыҟазаауа аҭыԥ бзиоуп, иҭынчроуп, даара иманшәалахоит, ҳәа азгәалҭеит аволонтер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.