Арадио

Кәыҵниаԥҳа алаҵаҟаҵаразы: ауаа идеилҳаркаауеит уи ада ԥсыхәа шыҟам

Аԥсны ауааԥсыра ҩ-хәҭак змоу алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара мҩаԥысуеит. Аҟәа Синоп аҳаблаҟны иҟоу аполиклиника ауааԥсра адҵаалома, алаҵаҟаҵара шцо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит амедеҳәшьа еиҳабы Инга Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа"Спутник V" 6 нызқь шәага Аԥсныҟа иааган абҵарамза аҽеиҩшамҭазы. Ари Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ареспубликахь иааргараны иҟоу 30 нызқь шәага алаҵа актәи ахәҭоуп. Алаҵа аахәан аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.
"Абҵара 18 рзы алаҵаҟаҵара ҳалагеит аполиклинакаҟны.108 –ҩык ирзыҟаҳҵахьеит. Уажәы ажәлар иаҳа рҽанырҵуа иалагеит. Иҟалап хәыҷык ҳахьыхароу аҟынтә иаҳа имаҷзар, уаҵәы-уаҵәашьҭахьынӡа асиа еиқәыршәаны иҳамоуп, ақалақь аҟны ишыздыруа амза азбжанӡа, еиҳангьы иҟоуп алаҵаҟаҵаразы асиақәа шьақәыргыланы. Ауаҩы, ҳәарада, азин имоуп Аԥсны ахы-аҵыхәа днеины иахьиҭаху алаҵа ҟаиҵарц", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҿарацәа еиҳарак алаҵа ззыҟарҵо атәыла анҭыҵ ацаразы ашәҟы ахьырҭаху иадҳәалоуп ҳәа агәаанагара шузцәырҵуа. Амедицинатә усзуҩ лажәақәа рыла ауҳәансҳәан иазыӡырҩны алаҵа аҟаҵара иацәшәоз, хаҭалатәи реицәажәарақәа раан иандеилыркаауа уи аҵакы, "уажәраанӡа ишԥаҟаҳамҵаз" зҳәо рацәаҩуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио.