Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО атәылақәа рырратә техника Урыстәыла аҳәаахь ишаарго

Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. НАТО атәылақәа рырратә техникеи рырҟәшақәеи Урыстәыла аҳәаахь иааскьаргоит, ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров бразилиатәи иколлега Карлос Алберто Франко Франси иареи реиҿцәажәара ашьҭахь имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳҳәаақәа ирзааигәаны НАТО атәылақәа рырратә техникеи рырҟәшақәеи, америкатәии британиатәии налаҵаны, иаарыхоит. Украина, Донбасс аинырратә цәаҳәаҿы мраҭашәаратәи азыҟаҵаҩцәа назлоу амчрақәа рҽеизыргоит", - ҳәа иҳәеит аминистр .
Уаанӡа Лавров иҳәахьан, ЕАА Урыстәыла иаакәыршаны арратә базақәа дыргылоит ҳәа.
Лавров: ЕАА Урыстәыла иаакәыршаны арратә базақәа дыргылоит
ЕААи урҭ НАТО аҟынтәи рҩызцәеи аҵыхәтәантәи аамҭазы Амшын еиқәа аҵакыраҿы активла рхы аадырԥшуеит. Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәо ала Аштатқәа рҽазыршәоит Урыстәыла аҳәаақәа рааигәа ар ргәыԥ аԥҵара. Вашингтон ахықәкқәа иреиуоуп — Украина арратә хархәара. Уажәы дара аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит Донбасс иаҿыганы.