Арадио

Қорсаиаԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкыз аконференциазы: аҿар иаҳа иалархәлатәуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкны Аҟәа имҩаԥгаз аконференциа алахәыла, аҟазараҭҵаара акандидат Светлана Қорсаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лажәахә зызкыз, ас еиԥш ауснагӡатәқәа рҵакы.
Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалагеижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку "Абиԥарақәа ргәалашәара" захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит иахьа аҳҭнықалақь аҿы. Уи иалахәын Аԥсны, Урыстәыла рҵарауаа.
Аконференциа алахәыла, аҟазараҭҵаара акандидат Светлана Қорсаиаԥҳа лажәахә азкын Аԥсуа театр Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан аусушьа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.