АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ашколтә маҭәахәқәа аанахәеит, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Аԥсныпресс ауаажәларра рнырразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ашкол маҭәахәқәа ааҳхәеит - апартақәа 700, аҟәардәқәа 1400. Ари актәи аетап ауп. 2022 шықәсазгьы аминистрра ари акциа иацнаҵоит", - иҳәеит Қәҭелиа.
Қәҭелиа иажәақәа рыла, аҵара министрра афонд харҭәаан 2018 шықәсазы.
Аԥсны араионқәа рҵаратә усҳәарҭақәа азыҳәа иаарышьҭуа ала аинвентарь еихшахоит, иҳәеит Қәҭелиа. Уажәы аҟәардәқәеи апартақәеи аҵәахырҭаҿы ишьҭоуп.